Аҧсны Аҳәынҭқарра
Материал из Wikipedia
|
|||
Агимн | Аиааира | ||
Абызшәа | Аҧсшәа | ||
Aҳҭнықалақь | Аҟәа | ||
Aҳҭнықалақь Иaкоордината | 43°00′N 40°59′E | ||
Ахада | Сергеи Багаҧшь | ||
Aпремиер-Министр | Александр Анқәаб |
АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА. Амраҭашәаратә Кавказ Аҧсны Аҳәынҭқарра иҟоуп. Атерриториа – 8 700-кмк2; аҳәынҭқарра иаланхо – 214 016-ҩык (2003 ш.).
Ақалақь Аҟәа (43 716) Аҧсынтәыла иаҳҭнықалақьуп. Даҽа қалақьқәа: Гагра (10 717), Гәдоуҭа (7 738), Гал (7 169), Ҭҟәарчал (4 786), Очамчыра (4 702), Афон Ҿыц (1 308). Административ-территориалтә ашара – ақ. Аҟәеи бжь-раионки иҟоуп: Гагра, Гәдоуҭа, Аҟәа, Гәылрыҧшь, Очамчыра, Ҭҟәарчал, Гал. Аҧсшәа аҳәынҭқарратә бызшәа ауп.
Аҳәынҭқарра хьыӡқәа: 1921-1931 – Советтә Социалисттә Республика Аҧсны; 1931-1992 – Аҧснытәи Автономтә Советтә Социалисттә Республика; 1992 инаркны – Аҧсны Аҳәынҭқарра.